Print this page

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палата ирыланаҳәоит аудитор имаҵураҭыԥ аанкыларазы аконкурс актәи аетап аҽалархәразы атәылауаа рдокументқәа рыдкылара

24 November 2022 111

     Аконкурс рхы аладырхәыр рылшоит иреиҳаӡоу аҵара иалгахьоу, аҳәынҭқарратә контрольи, аекономикеи, афинансқәеи рганахь ала азаанаҭтә азыҟаҵареи аԥышәеи змоу атәылауаа.

      Аконкурс зҽалазырхәырц зыӡбаз атәылауаа иааргароуп абарҭ адокументқәа

      а ) Аконтрольтә палата Ахантәаҩы ихьӡала арзаҳал, аимадаразы аҭел аномер арбаны;

     б) арезиуме, ҩыратә формала;

     в) Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩ ипаспорт ахкьыԥхьаа (акопиа);

     г) иахәҭоу азаанаҭтә ҵареи, аусуратә стажи, аквалификациеи шьақәзырӷәӷәо адокументқәа рыхкьыԥхьаа.

      - Адокументқәа рыдкылара мҩаԥгахоит 2022 ш. нанҳәа 10 инаркны нанҳәа 19 рҟынӡа, абри аҭыӡҭыԥ ала4

     Аҟәа ақалақь, Воронов имҩа 19 А

     асааҭ 9. 00. инаркны 18.00 рҟынӡа.

      Аилыркаара аиуразы шәадҵаалар шәылшоит Аконтрольтә палата адкыларҭа абри аҭел ала +7 (940) 229-48-38


 

Last modified on Donderdag, 24 November 2022 09:50