Аколлегиа аилатәара рхы аладырхәит: Аконтрольтә палата Ахантәаҩы Пертаиа К.З., аудиторцәа Папба Р.Ш., Торчуа Б.Иу., Чирикбаиа И.В., агәаҭара анапхгаҩы, аинспектор хада Цкәуа Д.Г., азинтә ҟәша аиҳабы Сепиан Г.А., апресс-маӡаныҟәгаҩ Ашәба Иа.В.
Аколлегиа амҩаԥгараан ишьақәырӷәӷәан «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыратә еимадара Агентра абиуџьеттәии абиуџьетнҭыҵтәии хархәгақәа лҵшәа бзиалеи хықәкылеи рхархәара агәаҭара. Аҳәынҭқарратә хатәра ахархәареи, аҳәынҭқарратә хатәра рҟынтә напхгара аҭареи аихшареи рҟынтә иаланагало ахашәалахәы аконтроль азура» захьӡу аконтрольтә усмҩаԥгатә алҵшәақәа ирызку Аҳасабырба.