Аконкурс рхы аладырхәыр рылшоит иреиҳаӡоу аҵара иалгахьоу, аҳәынҭқарратә контрольи, аекономикеи, афинансқәеи рганахь ала азаанаҭтә азыҟаҵареи аԥышәеи змоу атәылауаа.
Аконкурс зҽалазырхәырц зыӡбаз атәылауаа иааргароуп абарҭ адокументқәа
а ) Аконтрольтә палата Ахантәаҩы ихьӡала арзаҳал, аимадаразы аҭел аномер арбаны;
б) арезиуме, ҩыратә формала;
в) Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩ ипаспорт ахкьыԥхьаа (акопиа);
г) иахәҭоу азаанаҭтә ҵареи, аусуратә стажи, аквалификациеи шьақәзырӷәӷәо адокументқәа рыхкьыԥхьаа.
- Адокументқәа рыдкылара мҩаԥгахоит 2022 ш. нанҳәа 10 инаркны нанҳәа 19 рҟынӡа, абри аҭыӡҭыԥ ала4
Аҟәа ақалақь, Воронов имҩа 19 А
асааҭ 9. 00. инаркны 18.00 рҟынӡа.
Аилыркаара аиуразы шәадҵаалар шәылшоит Аконтрольтә палата адкыларҭа абри аҭел ала +7 (940) 229-48-38