АА АП Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палата Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ

Аԥсны Аҳәынҭқарра
Аконтрольтә палата Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ

Оҭырба Зураб Шаликәа-иԥа


  • Диит 1967 шықәса, жьҭаарамза 14 рзы.
  • 1984 шықәсазы далгеит Приморсктәи абжьарат школ № 1.
  • 1984 шықәсазы дҭалоит Аԥсны аҳәынҭқарратә университет, афизика-математикатә факультет.
  • 1986 шықәса инаркны 1988 шықәсазынӡа CCCP Аҩныҵҟатәи арбџьармчқәа рыҟны аррамаҵура дахысуан.
  • 1990 шықәсазы ААУ афизика-математикатә факультет далгеит.
  • 1990 шықәса цәыббрамза инаркны 1992ш. нанҳәамзанӡа  Гәдоуҭа араион Аацытәи абжьаратә школ аҿы аматематика арҵаҩс аус иуан.
  • 1992-1993шш. рзы  Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, «Агәымшәаразы» амедал ианашьоуп. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра I агәыԥ даинвалидуп.
  • 1993 шықәса инаркны 1996ш. нанҳәамзанӡа  Гәдоуҭа араион Аацытәи абжьаратә ашкол аҿы аматематика арҵаҩс аус иуан.
  • Нанҳәамза 1996 шықәса инаркны цәыббрамза 1999 шықәсанӡа – Гәдоуҭа араион Ахадара аҵара аҟәшаҿы аматематика аспециалист еиҳабыс аус иуан.
  • Цәыббрамза 1996 шықәса инаркны цәыббрамза 1999 шықәсанӡа еилагӡарала аус иуан Гәдоуҭатәи абжьаратә ашкол № 5 аҿы, аматематика рҵаҩыс.
  • 2000-2003шш. Гәдоуҭа араионтә еизара дадепутатын, абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак далахәылан.
  • 2005 шықәса мшаԥымза инаркны  Гәдоуҭа араион афинансқәеи абиуџьети рыҟәша деиҳабуп.