Сынтәа Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо иазгәарҭоит Ҳҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада, аԥсуа жәлар рҭоурых аҿы зышьҭа анымҵуа ианызҵаз, ҳтәыла ахақәиҭреи ахьыԥшымреи символс иамоу Владислав Григори-иԥа Арӡынба 80-шықәса ихыҵра. Владислав Григори-иԥа 2010-шықәсазы иԥсҭазаара дшалҵызгьы, аԥсуа жәлар наунагӡа ргәалашәараҿ даанхоит инарылукааша жәлар рыԥхьагылаҩык, политикк иаҳасаб ала.
Ари акрызҵазкуа аиубилеи азгәаҭара – Владислав Григори-иԥа Арӡынба ҳҳәынҭқарра иазышьҭеиҵаз ауасхыр ҵакыс иамоу ҳаилзыркаауа, ҳашьаҭақәа рахь ҳзыргьежьуа хҭысуп. Зыԥсҭазаареи зусуреи зегь зыжәлар рымаҵ аура иазызкыз аҵеи лаша игәалашәара, ихьӡ анаунагӡатәра иазкуп.