Аԥшьаша, 14 Нанҳәа 2025 14:53
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара амш
Ҳаҭыр зқәу аветеранцәа, ҳџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз, иҭахаз аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рҭаацәарақәа, Аԥсны атәылауаа!
Иахьа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәаларшәара иазку алахьеиқәҵара амш азы, ҳара ҳхырхәоит ҳҳәынҭқарра ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз ргәалашәара лаша аҿаԥхьа. Урҭ рхаҵара, рхамеигӡара, рыԥсадгьыл ашҟа ирымаз абзиабара ахаан иаҳхамышҭуа, иҿырԥшыган иаанхоит ҳагәқәа рҿы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палата аусзуҩцәа даҽазныкгьы лахьеиқәҵарыла иҭахаз рҭаацәа ргәырҩа рыцеиҩаҳшоит. Ҳаҭырқәҵара дула ҳарзыҟоуп, зыԥсҭазаара ақәҵаны Аԥсынтәыла ахақәиҭра азаазгаз ҳфырхацәа рыхьӡқәа. Зегь аӡәаӡәала, хаҭа-хаҭала иаҳгәалаҳаршәоит зыԥсҭазаара иреиӷьыз ашықәсқәа аиааира иахҭнызҵаз. Урҭ рфырхаҵароуп – иахьатәи ҳаизҳазыӷьареи уаҵәтәи ҳԥеиԥш лашеи шьаҭас иамоу. Рыхьӡ кашәара ақәымзааит ҳфырхацәа! Иҭахаз ҳаԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара наунагӡазааит!
