Ахәаша, 13 Рашәара 2025 15:02
2025 шықәса рашәара 12 рзы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палата изаамҭанытәу аилатәара
Аколлегиа аилатәара рхы аладырхәит: Аконтрольтә палата Ахантәаҩы Пертаиа К.З., аудиторцәа Папба Р.Ш., Торчуа Б.Иу., Чирикбаиа И.В., агәаҭара анапхгаҩы, аинспектор хада Цкәуа Д.Г., азинтә ҟәша аиҳабы Сепиан Г.А., апресс-маӡаныҟәгаҩ Ашәба Иа.В.
Аколлегиа амҩаԥгараан ишьақәырӷәӷәан «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыратә еимадара Агентра абиуџьеттәии абиуџьетнҭыҵтәии хархәгақәа лҵшәа бзиалеи хықәкылеи рхархәара агәаҭара. Аҳәынҭқарратә хатәра ахархәареи, аҳәынҭқарратә хатәра рҟынтә напхгара аҭареи аихшареи рҟынтә иаланагало ахашәалахәы аконтроль азура» захьӡу аконтрольтә усмҩаԥгатә алҵшәақәа ирызку Аҳасабырба.
