АЖӘАБЖЬҚӘА

Ахәаша, 16 Лаҵара 2025 15:07

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палата иарку Аколлегиа аилатәара

2025ш. лаҵара 16 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палатаҿ имҩаԥысит иарку Аколлегиа аилатәара. Аилатәараҿ зҵаара хаданы иқәгылан аконтрольтә усмҩаԥгатә: «Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра иазыԥҵәоу абиуџьеттә хархәагақәа хықәкылатәии еффективлатәии рхархәара агәаҭара, иара убасгьы напхгара ззыруа ахашәалахәы ахкқәа рышьақәыргылареи, раҳасаббареи рҭәынаӡареи, ианаамҭоу ареспубликатә биуџьет ахь риагареи ргәаҭара. Аҳәынҭқарратә хатәра ахархәара, аҳәынҭқарратә хатәра аиагареи анапхгара аҭареи рҟынтәи аԥара аиуреи, ахархәареи аконтроль азура» - алҵшәақәа ирызкыз Аҳасабырба ахәаԥшра.

        Аилатәара аусура рхы аладырхәит Аколлегиа алахәылацәа: Аконтрольтә палата Ахантәаҩы Каха Заур-иԥа Пертаиа, Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Шьаликәа-иԥа Оҭырба, аудиторцәа: Роланд Шота-иԥа Папба, Беслан Иура-иԥа Торчуа, Инга Витали-иԥҳа Чирикбаиа. Аилатәарахь ааԥхьара рыман: Жәлар Реизара-Апарламент аиҳабы – Лаша Нугзар-иԥа Ашәба, Жәлар Реизара – Апарламент Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак ахантәаҩы Шергьелиа Ҭемыр Адамыр-иԥа, уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Инвер-иԥа Емырхәба, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Рауль Валери-иԥа Лолуа, Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара амаҵзура Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Саид Валериан-иԥа Зыхәба, Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистр – Владимир Иван-иԥа Ануа, Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ, аматериал – техникатә еиқәыршәара аҟәша аиҳабы – Нодар Дмитри-иԥа Аҩӡба, Аминистр ицхрааҩ, Атәылахьчара аминистрра афинанс-економикатә усбарҭа аиҳаба Руслан Уасил-иԥа Ҷедиа. Аколлегиа амаӡаныҟәгаҩ – Мац Станислав-иԥа Ҭарба, аконтрольтә усмҩаԥгатә анапхгаҩы – Асҭанда Георги-иԥҳа Аҩӡба. Ажәахәҟаҵаҩ – аудитор Инга Витали-иԥҳа Чирикбаиа.

        Аилатәараҿ ирзааҭгалан имҩаԥгаз Атәылахьчара Аминистрра иазоужьыз абиуџьеттә хархәагақәеи абиуџьетнҭыҵтәи ахархәагақәеи хықәкылатәии еффективлатәии рхархәара иазкыз аконтрольтә гәаҭара алҵшәақәеи, иаарԥшыз аилагарақәеи, иҟаҵаз абжьгарақәеи.

        Аилатәара иалахәыз ирылацәажәеит иаарԥшыз аилагарақәа раԥыхреи абиуџьеттә хархәагақәа еффективла рныхреи рзы аԥхьаҟагьы шьаҿақәас имҩаԥгатәу.

        Ирыдыркылеит аӡбамҭа Аколлегиа иарку аилатәара амҩаԥгаразы, избанзар аҳасабырба иагәылан аҳәынҭқарратә маӡа аазырԥшуаз анҵамҭақәа.