Ахаша, 07 Лаҵара 2025 15:12
Ишәыдысныҳәалоит Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҿ игаз аиааира 80-шықәса ахыҵра!
Аиааира амш ҳтәылауаа зегьы рзы иҷыдоу, акрызҵазкуа ҭоурыхтә ныҳәа дууп. Иԥышәагаз арҭ ашықәс цәгьақәа раан ажәлар зегь рҽеидкылан Аԥсадгьыл ду ахьчараз иқәгылеит. Иаадырԥшит ахаҵара, аԥсадгьыл ахь абзиабара, аиааиразы агәазыҳәара. Арыцҳара ду анырзыҟала аӡәкны еидгылеит зегьы. Убри аидгылара иабзоурахеит Асовет жәлар Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҿы иргаз аиааира!
Абри амш иаҳгәаланаршәоит ахақәиҭреи аҭынчреи рзы хацәнамырха иқәԥоз ҳабацәеи ҳабдуцәеи рфырхаҵареи рхамеигӡареи атәы. Архивтә материалқәа ишҳарҳәо ала, Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аан Ар ҟаԥшь ирылагылан еибашьуан милаҭрацәала еилаз ҳреспублика аҟынтә 55.500-ҩык аибашьцәа гәымшәақәа. Урҭ рахьтә 23-ҩык "Асовет Еидгыла Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ ҳаракы ранашьоуп, 17 430-ҩык аибашьрахьтә изыхнымҳәит. Рыхьӡ кашәара ақәым еиҵагыларан иҟаз абиԥарақәа рзы зхы иамеигӡаз афырхацәа! Ҳрызгәдууп зыԥсы ҭаны ихынҳәыз, аиааиреи аҭынчреи ҳзаазгаз аибашьцәа. Урҭ рфырхаҵара еснагь ҳгәы шьҭнахлоит ҳара.
Акыр иаԥсоу аветеранцәа! Гәык-ԥсык ала иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит Аиааира аагараҿы шәара шәлагала ду азы, аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа раан ижәбаз аџьабаазы, шәҟәыӷареи шәтәылауаҩратә позициеи рзы.
Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәыцқьара, аманшәалара! Аҭынчреи аҳәоуеиқәшәареи аҳра руазааит досу шәҭаацәарақәа рҿы! Аиааира ду хашҭра ақәымзааит! Ҳагәқәа рҟны ахаан имыцәааит иԥшьоу уи агәалашәара! Шәадныҳәалазааит Аиааира ду амш!
Гәык-ԥсык ала,
Аԥсны Аҳәынҭқарра
Аконтрольтә палата Ахантәаҩы
Пертаиа Каха Заур-иԥа
Image Gallery
View the embedded image gallery online at:
https://kpra.apsny.land/aps/z-bzi/item/210-ish-idisni-aloit-adziindzit-ilat-eibashira-du-a-igaz-aiaaira-80-shi-sa-ahi-ra#sigProId15168f1059
https://kpra.apsny.land/aps/z-bzi/item/210-ish-idisni-aloit-adziindzit-ilat-eibashira-du-a-igaz-aiaaira-80-shi-sa-ahi-ra#sigProId15168f1059
